АХҚӘА
УАХӘАҦШ иарбанзаалак газеҭк, иаҿакы ателевизор, ма уазыӡрҩы арадио: адунеиаҿ иҟоуп ацәгьоура, аибашьрақәа, насгьы атерроризм! Урызхәыц насгьы ухатә проблемақәа. Иҟалап, угәы каҳазар учымазараз, мамзаргьы иузааигәоу дахьыуцәҧсыз азы, нас зны-зынлагь ацәанырра умазар ҟалап, ауаҩиаша Иов иеиҧш, изҳәаз: «Сара... гәаҟрала сҭәуп» (Иов 10:15).
Уазхәыц:
Абиблиа иаҳанаҭоит зыгәра угаша абарҭ азҵаарақәа рҭакқәа.
«Иагьирыцқьоит иара урҭ рылабжышқәа, аҧсрагьы уаҳа иҟалом, аҵәыуареи, агәынқьреи, ахьааи уаҳа иҟалаӡом» (Аартра 21:4)
«Ацыркь дыҧалашт абынҽа еиҧш» (Исаиа 35:6)
«Иаахтышт алашәцәа рыблақәа» (Исаиа 35:5)
«Агәаларшәаратә дамрақәа ирҭоу зегьы ...ҭыҵуеит» (Иоанн 5:28, 29)
«Дарбанзаалак инхо аӡәгьы иҳәаӡом: „сара сычмазаҩуп“» (Исаиа 33:24)
«Ибарақьаҭхоит ача адгьылаҿы» (Ҧсалом 72:16)
Уахымццакын алкаа аҟаҵара иҟамло гәыҕроуп ҳәа. Мшәан, ари Анцәа иргәыҕрақәа роуми, насгьы Абиблиа иҳаилнаркаауеит иара урҭ шынаигӡо.
Убри инеиҳангьы, Абиблиа иара уажәгьы ҵакы змоу, иаҧсоу аҧсҭазаара аныҟәгара иҳацхраауеит. Уазхәыц ухатә гәҭынчымрақәа. Аматериалтә уадаҩрақәа, ачымазарақәа, аҭаацәатә еилаҩынтрақәа, иузааигәоу рыҧсра — арҭ, иҟалап, уҧсҭазаара зырлашьцо проблемақәак ракәзар. Аха Абиблиа урҭ риааира иуцхраауеит. Уи иаҳзаанагоит агәҭынчра, насгьы акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭакқәа ҳанаҭоит:
Уара ари ашәҟәы уахьаҧхьо, иаанарҧшуеит: уара абиблиатә иаша уҧшаарц уҭахыуп. Ари ашәҟәы уара иуцхраауеит иудырырц Абиблиа иаҳнарҵаҵәҟьо. Иазгәаҭ, абзацқәа рҿы иаагоуп азҵаарақәа. Миллионҩыла ауаа Иегова Ишаҳаҭцәа Абиблиа ддырҵоит азҵаарақәеи, насгьы аҭакқәеи рыла. Ҳара ҳгәыҕәуеит ари аметод уаргьы иугәаҧхап ҳәа. Ҳгәазыҳәоит, уара алҵшәа змоу аҵара уоурц, насгьы Анцәа дузылҧхааит Абиблиа иаҳнарҵо удырырц уҳаҵҳаҵо уахьашьҭоу азы!
АБИБЛИАҾ иҟоуп 66 шәҟәи, насгьы асаламшәҟәқәеи. Ахархәара мариахарц азы, дара ахқәеи ажәеинраалақәеи рыла еихшоуп. Ҳара ҳашәҟәаҿы иаагоу абиблиатә ҭыҧқәа, раҧхьатәи ахыҧхьаӡара ахьӡ ашьҭахь, иаанарҧшуеит ашәҟәы ма асалам шәҟәы ахы, ахыҧхьаӡарақәа ҩ-кәаҧк рышьҭахь — ажәеинраалақәа. Иаҳҳәап, «2 Тимофеи иахь 3:16» иаанагоит, иарбоу атекст шуҧыло, аҩбатәи асалам шәҟәаҿы Тимофеи иахь, 3-тәи ахы, 16-тәи ажәеинраалаҿы.
Уара иулшоит ирласны Абиблиа ахархәашьа уҵарц, ҳара ҳашәҟәаҿы иаагоу абиблиатә ажәеинраалақәа аауртлар. Уҽазышәа есыҽны Абиблиа аҧхьара. Хҧа-хәба хы есыҽны урыҧхьалар, Абиблиа зегьы шықәсыкала уаҧхьарц улшоит.